Гьаргь Амилахвари Антикоррупциатә биуро имҩаԥнагаз аиԥылара ихы алаирхәит
Гьаргь Амилахвари Антикоррупциатә биуро имҩаԥнагаз аиԥылара ихы алаирхәит

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистр Гьаргь Амилахвари Антикоррупциатә биуро имҩаԥнагаз аиԥылара ихы алаирхәит, аиԥылараҿ академиатә гәыԥқәа рхаҭарнакцәа аҵаратә программақәа рахь антикоррупциатә зҵаарақәа ритеграциа аҵакы иахцәажәеит.

Гьаргь Амилахври иқәгылараҿ Қырҭтәыла акоррупциа аҿагылара арӷәӷәара аганахьала аҵаратә системаҿ антикоррупциатә зҵаарақәа ринтеграциа ахадара дазааҭгылеит. Аминистр ишазгәеиҭаз, аминистрра аҵаҩцәа ашкол ианҭоу аамҭа инаркны акоррупциа аҿагылареи, аҭакԥхықәреи аинстиутқәа рлабҿабареи  ирызкны адырра аизырҳара ацхраароуп.

Аҵара аминистр иажәақәа рыла, аминистрра активтә усура нанагӡоит аҵаҩцәа иишоу хәаԥшышьа рырҵареи, аҵак ду змоу азҵаарақәа рықәҿыҭреи рхырхарҭала, арҭ азҵаарақәа роуп акоррупциа иеффекту  аҿагылара, жәларбжьаратә зинтә инструментқәа, жәларбжьаратәи ахыдқақәа, апоатформақәа, жәларбжьаратәи аконвенциақәа уҳәа уб.егь.

Аиԥылара алахәылацәа рҿаԥхьа иқәгылеит Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы Ражден Купрашвилии еиуеиԥшым иреиҳаӡоу ҵараиурҭақәа рректорцәа.