Гьаргь Вашаӡе бжьымз аҭакра иқәырҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧ аанкылара азин имам
Гьаргь Вашаӡе бжьымз аҭакра иқәырҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧ аанкылара азин имам

“Астратегиа Аӷмашенебели” алидерцәа руаӡәы Гьаргь Вашаӡе апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы, бжьымз аҭакра иқәырҵеит.  Иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам.

Гьаргь Вашаӡе иахьатәи аӡбаратә процессаҿ дыҟамызт.

Гьаргь Вашаӡе Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиахь дааԥхьан мшаԥы 15 рзы. Акомисиа аҳәамҭа ашьаҭала, апрокуратура Гьаргь Вашаӡе  ахара иднаҵеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 349-тәи ахәҭаҷ ала,  Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳәара анамгӡаразы».

Мшаҧы 23 рзы  Гьаргь Вашаӡе 50 000 лари ашас ашәара иқәырҵеит. Вашаӡе ашас ианаамҭаз ишәеит.