Гьаргь Гахариа - Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа - апартиатә интресқәа раҵкыс иҳараны игылоу зҵаароуп
Арҭ аматериалқәа ииашоу иашаму, уи шәарҭоуп, избанзар дара ҳстартагеиатә партниорцәа роуп. Абри зегьы хәмаррада ҳазныҟәароуп», — иҳәеит апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариа.
«Абри зегьы, раҧхьа иргыланы, аҳәынҭқарра иаҧырхагоуп, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра уҳәа, аҳәынҭқарратә институтқәеи евроатлантикатә ҳҽазышәарақәеи ирҧырхагоуп. Ҳара абри зегьы ҳахьчароуп, убри аҟынтә, аоппозициаагьы абарҭ аматериалқәа рполитикатә хықәкқәа рзы рхы иадырхәар ҟалом. Иҟалом, избанзар, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ҳара усгьы ҳстратегиатә партниорцәа рҟны апроблемақәа ҳаман. Ҳпартиатә позициа иахьыҧшымкәа, ҳара арҭ аизыҟазаашьақәа ҳреиҷаҳароуп, избанзар уи апартиатә интересқәа раҵкыс иаҳа иҳаракны игылоу зҵаароуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.