Гьаргь Гахариа аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа еиҭаиҧхьоит
Гьаргь Гахариа аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа еиҭаиҧхьоит

Апартиа «Қырҭтәылазы» алидер Гьаргь  Гахариа  апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа еиҭаиҧхьоит.

Ари аӡбара рыдыркылеит акомиссиа аилатәараҿы абжьыҭира мҩаҧганы.

Гьаргь Гахариа аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа иахьа днеир акәын. Аха,  апартиа  «Гахариа — Қырҭтәылазы» иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала,  Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә дыҟоуп,  анахарала аилатәара аҽалархәра дазыхиоуп.

Аусеилыргаратә комиссиа Гьаргь Гахариа анахарала иацәажәара иақәшаҳаҭымхеит.