Гьаргь Гахариа  -  Атрибутикеи, ахыбреи,  ахыбра аҩныҵра-аангылара аҟынӡа апротест аларҟәреи атәыла ахада алегитимациа лырҭом, арезиденциа махәҿала ахьчара - апротест аидеиа ланарҟәоит
Гьаргь Гахариа  -  Атрибутикеи, ахыбреи,  ахыбра аҩныҵра-аангылара аҟынӡа апротест аларҟәреи атәыла ахада алегитимациа лырҭом, арезиденциа махәҿала ахьчара - апротест аидеиа ланарҟәоит

Атрибутикеи, ахыбреи,  ахыбра аҩныҵра-аангылара аҟынӡа апротест аларҟәреи атәыла ахада алегитимациа лырҭом, арезиденциа махәҿала ахьчара – апротест аидеиа ланарҟәоит, – иҩит   „Гахариа Қырҭтәылазы“ алидер Гьаргь Гахариа асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла, Русҭавели имҩадуаҿ ауаа иаҳа акырӡа иҳараку апринципқәа рыхьчоит, убри азоуп апротест ақәҿиара замоу.

„ Атрибутикеи, насгьы ахыбреи атәыла ахада алегитимациа лырҭом,  ажәлар рҟынтә агәрагароуп алегитимациа лызҭо. Ахыбра аҩныҵра-аангылара аҟынӡа апротест аларҟәреи арезиденциа махәҿала ахьчареи – апротест аидеиа ладырҟәоит. Русҭавели имҩадуаҿ ауаа иаҳа акырӡа иҳараку апринципқәа рыхьчоит, убри азоуп апротест ақәҿиара замоу. Ауаа ҳреиҷаҳароуп! Аиааира шаҳго азы агәрагара ҳцәымӡроуп! Апротест ахықәкқәа рынагӡаразы аҽеидкылара! Убасҟан мацароуп апротест анынагӡахо. 1. Закәандарала иаанкылоу аполитикатә баандаҩцәа зегьы зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәра! 2. Аҿыц алхрақәа рконкреттә арыцхә иаамҭаны алаҳәара!“, – иҩит Гьаргь Гахариа асоциалтә аҳаҿы.