Гьаргь Амилахвари Бриуссель имҩаҧысуа аҵара иазку 6-тәи Европатәи асаммит аҿы ажәахәҟаҵаҩы хада иаҳасабала дықәгылеит
Гьаргь Амилахвари Бриуссель имҩаҧысуа аҵара иазку 6-тәи Европатәи асаммит аҿы ажәахәҟаҵаҩы хада иаҳасабала дықәгылеит

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари Бриуссель имҩаҧысуа аҵара иазку 6-тәи Европатәи асаммит аҿы ажәахәҟаҵаҩы хада иаҳасабала дықәгылеит. Асаммит атема хадоуп –  «Европатәи аҵаратә қәыҧшылара  – зегьирзеиҧшу лабҿабароуп».

Асаммит аалыртит аинновациақәеи, аҭҵарақәеи, акультуреи, аҵареи, аҿари рызҵаарақәа рзы еврокомиссар  Илиана Иванова.

Гьаргь Амилахвари асаммит алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла аҵара аусхкы аҿы имҩаҧысуа ареформақәа ирызкны, иара ишиҳәаз ала, арҭ ареформақәа Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи Евроеидгыла астандартқәа рзааигәахара иацхраауеит.

Аминистр иажәақәа рыла, аминистрразы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа  иреиуп иреиҳаӡоу аҵара аинтернационализациа. Лымкаала,  аҵаратә программақәа реиқәыршәара ахырхарҭала, жәларбжьаратәи ауниверситетқәа рҟны активла аусеицура мҩаҧысуеит.

Иара убас, аминистр, апрограмма  Erasmus+ акомпонентқәа зегьы рхархәара алшара дазааҭгылеит.  Иара ишьақәирҕәҕәеит апрограмма Erasmus+ акомпонентқәа зегьы рынагӡаразы аҧхықәра агара дшазыхиоу.  Гьаргь Амилахвари иҳәамҭала, апрограмма  Erasmus+ аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу аинициативақәа ақырҭуа студентцәа алшара рырҭоит европатәи рықәлацәа ирыцны, еиуеиҧшым аҵаратәи акультуратәи уснагӡатәқәа рҽалархәразы.