Фҩык Қырҭтәыла атәылауаа венгриатәи аҳаирпланла Афганистан аҟынтә аԥсадгьыл ахь ихынҳәит
Фҩык Қырҭтәыла атәылауаа венгриатәи аҳаирпланла Афганистан аҟынтә аԥсадгьыл ахь ихынҳәит.
Аԥсадгьыл ахь ихынҳәыз атәылауаа аҳаирбаӷәазаҿ руацәеи, Қырҭтәыла Аиҳабыра радминистрациа анапхгаҩы Илиа Дарчиашвилии Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алесандре Хвисиашвилии ирԥылеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистра аинформациа ала, венгриатәи аган аҟны активтә усеицура иалҵшәаны, хазхаҭалатәи аконтрактла америкатәии канадатәии еилахәырақәа рҿы Афганистан аус зуаз фҩык Қырҭтәыла атәылауаа венгриатә аҳаирпланла Қырҭтәыла ихынҳәит.
Александре Хвҭисиашвили иажәақәа рыла, Кабул иаанхеит иҵегьы 16-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа, урҭ аԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара аус адулара нагырӡоит.