Freedom House – Қырҭтәыла адемократиа аиндекс  3,04 абалл иаҟароуп
Freedom House – Қырҭтәыла адемократиа аиндекс  3,04 абалл иаҟароуп

Freedom House аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла адемократиа аиндекс ҵыҧхтәи аасҭа имаҷхеит. Сынтәа адемократиа аиндекс  7 баллк рҟынтә  3,04 абалл иаҟароуп. Ҵыҧх ари арбага  3,07 абалл иаҟаран.  Сынтәа адемократиа анаӡына  100% аҟынтә  33,93% ауп иҟоу.

Ахәшьараҭара асистема быжь-компонентк рыла ишьақәгылоуп:

  1. Амилаҭтә демократиатә напхгараҭара аҿы амаксималтә 7 баллк рҟынтәи Қырҭтәыла аиуит 2,25 абалл;
  2. алхратә процессаҿ — 3,0;
  3. атәылауаҩратә уаажәларраҿы – 4,0;
  4. Ихьыҧшым АИХ — 3.25;
  5. Аҭыҧантәи адемократиатә напхгараҭара — 2,75;
  6. Аӡбаратә системеи ахьыҧшымреи — 2,50;
  7. акоррупциа — 3.50.