Франциа закәанла аусурҭа аҧшаара апрограмма нагӡахоит ашықәс анҵамҭанӡа
«Афранцыз агани ҳареи аконсультациақәа мҩаҧаагоит, ҳтәылауаа закәанла Франциа аусура зларылшаша асхема аиқәыршәара ҳаҿуп. Ари азҵаара ақырҭуа аган мацара ракәӡам изхьыҧшу, афранцыз аган роуп ахадаратә ҵакы змоу, дара рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа нарыгӡароуп», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистрраҿы иҟоу аџьаустә миграциа аусбарҭа аиҳабы Гьаргь Бунтури.
Иара иажәақәа рыла, Франциа аусурҭа роур рылшоит 50ҩык рҟынӡа аспециалистцәа.
«Франциа аусурҭа аиуразы 50 азанааҭқәа ҳәаақәҵоуп. Ҳара зквалификациа ҳараку аспециалистцәа роуп ҳазлацәажәо. Иаҳҳәап, амаҵ зуа аперсонал, абарменцәа, асасааирҭатә сервис, аргыларатә сектор ахаҭарнакцәа, ачысҟаҵаҩцәа, уҳәа азанааҭтә аҵареи иреиҳаӡоу аҵареи змоу ауааҧсыра», — иҳәеит Гьаргь Бунтури.