Франциа иҟоу  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеа  Катукиа ишаалыцҳаз ала,  иахьлықәыҕәҕәо амшала лнапынҵақәа шьҭалҵоит  
Франциа иҟоу  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеа  Катукиа ишаалыцҳаз ала,  иахьлықәыҕәҕәо амшала лнапынҵақәа шьҭалҵоит  

Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеа  Катукиа асоциалтә аҳаҿы ишылҩыз ала, лара иахьлықәыҕәҕәо амшала лнапынҵақәа шьҭалҵоит.

Лара лажәақәа рыла, ари амаҵзураҭыҧ данықәдыргыла раҧхьатәи амш инаркны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи лара лзы ақәыҕәҕәара ду иҟан.

«Раҧхьатәи амш инаркны ибзиаҵәҟьаны избон ацҳаражәҳәарҭаҿы крызҵазкәа аилагарақәеи аструктуратә агхақәеи шыҟаз, абри зегьы Франциа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа аинтересқәеи аимиџьи иаҧырхаган.  Хаангьы схахьы исзаагомызт адипломат ифункциа анагӡарааан  ҵыхәҧҵәарада  амцҳәареи, аҳаҭыр  аларҟәреи, ақәыҕәҕәареи, ақәмақарреи ҟалар ауеит ҳәа.  Абри зегьы Қырҭтәыла иадҳәаланы исымоу ахықәкқәеи аҽазышәарақәеи ирышьашәалам.

Иахьа ҳтәыла европатәи аҧеиҧши адемократиатә аҿиареи Қырҭтәыла аиҳабыра рполитикатә ҭаххара мацара иахьыҧшуп. Абри аконтекст аҿы акадртәи аструктуратәи проблемақәа адәныҟатәи аполитика қәҿиарала амҩаҧгара иаҧырхагоуп», — илҩит  Ҭеа Катукиа.