Франциа ахада Еммануель Макрон Париж еизаз 30 раҟара аҳәынҭқаррақәа рбџьармчқәа рнапхгаҩцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украиназы ашәарҭадара агарантиақәа рплан аиқәыршәара иазкны
Франциа ахада Еммануель Макрон Париж еизаз 30 раҟара аҳәынҭқаррақәа рбџьармчқәа рнапхгаҩцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украиназы ашәарҭадара агарантиақәа рплан аиқәыршәара иазкны.
Ари аинформациа аладырҵәеит франциатәи АИХқәа.
Иара убас, Макрон ишазгәеиҭаз ала, «аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рырласра инамаданы», Украина иҭышәынтәалоу акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргыларазы, «аконцепциа аҟынтә апланахь иасроуп».
Франциатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Украина аҭынчра агарантиақәа аҭара иазыхиоу атәылақәа рбџьармчқәа рнапхагаҩцәа Париж еизеит Макрон иинциативала.