Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит
Франциатәи ареспублика аҧыза-министр Габриель Атали Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, Франциеи Қырҭтәылеи европатәи аҧеиҧш еиднаҳәалоит.
„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр,
Гәыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс шәықәыргылара, иара убас, абри аҳаҭыртә миссиа анагӡараҿы гәыкала ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит.
Ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп Франциатәи ареспублика аиҳабыра ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи агәреибагара аизырҳареи азыҳәан ҳусеицура арҭбаара ишазыхиоу.
Қырҭтәыла ахатә амҩа алнахит, Евроеидгылахь зхы рхоу амҩа иануп. Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭаз, ҧхынҷкәын азы, Европатәи ахеилак аӡбара аднакылеит, шәтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьан, иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла 2023 шықәса абҵара 8 рзы Еврокомиссиантә иаиуз абжьагарақәа шынанагӡо агәра шырго, лымкаала, адемократиатә институтқәеи алхратә лагылазаареи рырҕәҕәара ахырхарҭала. Франциеи Қырҭтәылеи, зеиҧшҟамлац ала европатәи аҧеиҧш еиднаҳәалоит. Агәра ганы сыҟоуп абри ахықәкы шәшазгәыку, даҽазнык ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ари амҩаҿ ҳашшәыдгыло.
Қырҭтәылеи Франциеи апартниорра ҷыда рыбжьоуп. Агәра шәсыргар сҭахуп анапхгара ззызуа аиҳабыра Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара шынарыгӡо.
Европаҿ аинформациала аманипулиациа акампаниа анымҩаҧысуа аамаҭазы, ҳара ҳусеицура иаҳа ирҕәҕәаны, иаҳзеиҧшу апринципқәа рыхьчара иаҳуалуп.
Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, даҽазнык ишәыдысныҳәалоит, шәусураҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит”, – иануп ашәҟәы аҟны.