Франциа аиустициа аминистрра аинформациа ала, атәыла бахҭақәак рганахьала ажәыларақәа мҩаԥган
ВВС аинформациа ала, иаха Франциа атәыла бахҭақәак рганахьала ажәыларақәа мҩаԥган. Франциа аиустициа аминистр Жеральд Дерманен иҟаиҵаз аҳәамҭала, бахҭақәак иреихсит., автоааҭгылараҿ машьынак ирблит.
Франциатәи аихқәа рдыррақәа рыла, ажәылара мҩаԥган Тулони, Марсели, Валанси, Луини, Вильпентес, Нантери рҿы. Франциа аиустициа аминистр Жеральд Дерманен Тулонҟа ддәықәлеит.
Асоциалтә ҳа Х аҿы Дерманен ишааицҳаз ала, аинцидентқәа анаркоахәаахәҭцәа ирыдҳәалазар ҟалап.