Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ҳадгылоит
«Франциа Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит», — иануп Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Европа Ахеилак ахада Шарль Мишели, иара ихаҭарнак Кристиан Даниелсони, Қырҭтәыла ахадеи аиҿцәажәаратә процесс аҿы инарыгӡаз ароль.
«Франциа Қырҭтәыла аполиткиатә мчқәа мшаҧы 19 рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит. Абри аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ала, дара атәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны, акомпромисс рыҧшааит, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы атәылаҿы иҟаз аполитикатә кризис хдыркәшеит. Франциа иаҵшьны иазгәанаҭоит ари апроцесс аҿы Қырҭтәыла ахада иналыгӡаз ароль. Иара убас, ҳара Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели уи ихаҭарнак Кристиан Даниелсони рҽазышәара ахә ҳшьоит. Дара аиқәшаҳаҭра анагӡашьа иахылаҧшроуп, уи ақырҭуа жәлар реидкылареи атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбареи иацхраауеит. Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла адемократиа арҕәҕәара иацхраароуп», — иануп аҳәамҭаҿы.