Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра "Атәым нырра аартызаара" иазку азакәан иадҳәаланы аҳәамҭа аларанҵәеит
Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра "Атәым нырра аартызаара" иазку азакәан иадҳәаланы аҳәамҭа аларанҵәеит

Францииеи Евроеидгылеи агәынамӡара аанарԥшуеит мшаԥы 17 рзы Қырҭтәыла апарламент аҿы “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәан адкылара иадҳәаланы, – иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа инақәыршәаны, ари аԥшьгара Евроеидгыла шьаҭасизмоу ахәынаӡарақәа ирҿагылоит.

„Франциа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит зыԥшра ҟамҵакәа Қырҭтәыла европатәи амҩа анагӡаразы ихымԥадоу ауснагӡатқәа аконцентрациа азырурц. Ари амҩаҿ ранциа Қырҭтәыла адгылоит”, – иануп Франци Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.