Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, европатәи атәылақәа Америка иадаргалеит Украина аибашьра аҵыхәҧҵәара иазку аиҿцәажәарақәа рҿы рхатә «ацәаҳәа ҟаҧшьқәа»
Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, европатәи атәылақәа Америка иадаргалеит Украина аибашьра аҵыхәҧҵәара иазку аиҿцәажәарақәа рҿы рхатә «ацәаҳәа ҟаҧшьқәа»
Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Жан-Ноель Барро иҳәамҭала, европатәи атәылақәа Америка иадаргалеит Украина аибашьра аҵыхәҧҵәара иазку аиҿцәажәарақәа рҿы рхатә «ацәаҳәа ҟаҧшьқәа». Агентра Reuters адыррала, Франциа адипломат хада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Franceinfo иеиҭаз аинтервиу аҿы.
Жан-Ноель Барро иажәақәа рыла, амца аанкылара иазкны Лондон имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа раан украинатәи европатәи аганқәа даҽазнык иаҵшьны иазгәарҭоит дара гәыҕрақәас ирымоу.
«Ҳара ҳзыргәамҵуа, хықәкыс иҳамоу акоуп — афранцыз жәлар ринтересқәа рыхьчареи Европа ашәарҭадареи. Америка анапхгара абжьацәажәаратә роль анагӡара рҽазыркит, убри аҟынтә, ҳцәаҳәа ҟаҧшьқәа ирызкны аинформациа наӡа раҳҭароуп», — иҳәеит Барро.