Financial Times – Џьорџьиа Мелони ажәалагала ҟалҵеит Украина Алианс ишаламгьы, НАТО аҧҟанҵа 5-тәи ахәҭаҷ Украина аҵакырадгьыла алалара иазкны
Financial Times адыррала, Италиа аҧыза-министр Џьорџьиа Мелони ажәалагала ҟалҵеит Украина Алианс ишаламгьы, НАТО аҧҟанҵа 5-тәи ахәҭаҷ Украина аҵакырадгьылаҿ аларҵәара аҭара иазкны.
Аҭыжьымҭа аинформациа ала, Италиа аиҳабыра рнапхгаҩы лгәаанагарала, Украина аҵакырадгьылаҿ НАТО 5тәи ахәҭаҷ аларҵәара иаҳа иҭышәынтәалоу, акыраамҭалатәи, аеффективтә шәарҭадара еиқәнаршәоит. Лара лгәаанагарала, амца аанкылара ашьҭахь Украинаҿ аҭынчрачаҧаратә мчқәа рыргылара иахәҭам.
Мелони лажәақәа рыла, италиатәи арбџьармчқәа абри аҩыза аиқәшаҳаҭра иалахәхәом, лара ишазгәалҭаз ала, афранцыз ма англыз арбџьармчқәа Украина рыргылара иазку аӡбара уадаҩуп, лара ари аинициатива уамашәа илбеит.