Фифа аӡбамҭа - Урыстәылатәии украинатәии аклубқәа зегьы рҟны аконтрактқәа аԥыхуп
Фифа Урыстәылеи Украинеи рчемпионатқәа иалахәу алегионерцәеи азыҟаҵаҩцәеи, аклубқәа рҟны ҩганкалатәи аиқәшаҳаҭра ахьыҟам иахәамԥшыкәа, хәажәкыра 10 рышьтахь аклуб ҿыцқәа рыԥшаара зин рырҭеит, уажәы амч змоу аиқәшаҳаҭрақәа аԥыххоит,” – инуп Фифа аофициалтә вебдаҟьа ианылаз аинформациа аҿы.
Ари аӡбамҭа инақәыршәаны, Урыстәылатәии украинатәии аклубқәа зегьы рҟны ашьапылампыл асыҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи русуратә контрактқәа зегьы аԥыхуп.