„Фара“ иадҳәаланы ицәыргаз адокумент инақәыршәаны, Ника Гилаури иитәу аилахәыра 600 000 адоллар ҳәа америкатә алобистикатә еилахәыра қьырала иргеит
FARA аҳәарақәа инрықәыршәаны, Америка Аиустициа адепартамент авебдаҟьаҿы аларҵәара зауз адокумент ишану ала, Ника Гилаури итәу аилахәыра Reformatics анапхгара америкатә алогистикатә аилахәыра Continental Strategy 600 000 адоллар ҳәа кьырала иргеит.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра азинтәи, аполитикатәи, акоммуникациатәи старатегиақәа рзы абжьагарақәа рыҟаҵареи, Америкеи Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ирызкны Америка аиҳабыра рдырра аиҕьтәреи, аклиентцәа рҟны еиҧҟьарада аиҧыларақәеи аҭелтә аиҿцәажәарақәеи реиқәыршәареи, наҟ-наҟтәи аусмҩаҧгатәқәа рпланшьҭыхреи иауалуп.
„Аклиент зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра 600 000 адоллар азшәара иуалуп. Раҧхьатәи ашәара – 200 000 адоллар ршәароуп аиқәшаҳаҭра адкылара инаркны хымш ирхымгкәа, анеҩстәи ашәарақәа мҩаҧгазароуп аинвоис ашьаҭала, аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны“, – иануп аиқәшаҳаҭраҿы.
Аганқәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 2025 шықәса жәабран 20 рзы, FARA аҿы уи цәырган хәажәкыра 13 рзы. Америкатә еилахәыра аҟынтә аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Карло Трухилио, 2018 – 2021 ашықәсқәа рзы иара аилахәыра The Organization of American States дахаҭарнакын.