Фабрицио Романо  - „Монако“ Гьаргь Миқаутаӡе иҟны хаҭалатәи аилаӡаразы еиқәшаҳаҭхеит  #1TVSPORT
Фабрицио Романо  - „Монако“ Гьаргь Миқаутаӡе иҟны хаҭалатәи аилаӡаразы еиқәшаҳаҭхеит  #1TVSPORT

Франциа алига  1 авице-чемпион  „Монако“  Қырҭтәыла аизга ахәмарҩы Гьаргь Миқаутаӡе итрансфер азы активла аус ауеит. Аклуб ашьапылампыласҩы иҟны хаҭалатәи аилаӡаразы еиқәшаҳаҭхеит,  „Монакои“  „Меци“ рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит, дара Евро  2024 анҵәамҭанӡа аофициалла аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵар рҭахуп – ари аинформациа алаирҵәеит еицырдыруа ажурналист Фабрицио Романо.

„Монако“ Франциа ачемпионатаҿ аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит, ҳаҧхьаҟа Ачемпионцәа рлигаҿ ихәмаруеит.

Гьаргь Миқаутаӡе иҳаҩсыз асезон  Амстердамтәи  „Аиақс“ аҿы далагеит, аха, ари аклубаҿ икариера изыҟамҵеит, убри аҟынтә, аӡынразы  „Мец“ ашҟа дхынҳәит.