Фабрицио Романо - "Ливерпули" "Валенсиеи" Гьаргь Мамардашвили итрансфер азы еиқәшаҳаҭхеит - испаниатәи аклуб 35 миллион евро аиуеит
Фабрицио Романо - "Ливерпули" "Валенсиеи" Гьаргь Мамардашвили итрансфер азы еиқәшаҳаҭхеит - испаниатәи аклуб 35 миллион евро аиуеит

Фабрицио Романо ишааицҳаз ала, “Ливерпули” “Валенсиеи” Гьаргь Мамардашвили итрансфер азы еиқәшаҳаҭхеит.

“”Ливерпули” “Валенсиеи” Гьаргь Мамардашвили итрансфер азы еиқәшаҳаҭхеит. Еилкаатәыс детальқәа иаанхеит. “Валенсиа” атрансфер ацынхәрас 35 миллион евро аиуеит”, – ааицҳаит Романо.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, сынтәатәи асезон Мамардашвили “Валенсиа” ихиркәшоит, “Ливерпуль” аҟны ахәмарра 2025 шықәса инаркны далагоит.