Евровизиа – 2026 аҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылоит ахәыҷтәы “Евровизиа 2008” аҿы аиааира згаз агәыҧ «Бзикеби»
Евровизиа – 2026 аҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылоит ахәыҷтәы “Евровизиа 2008” аҿы аиааира згаз агәыҧ «Бзикеби».
Агәыҧ иалоуп Гьаргь Шиолашвилии, Мариам Татулашвилии, Мариам Кикуашвилии.
Ари агәыҧ еиҿкаан Қарҭ, 2008 шықәсазы. Аханатә дара хаз-хазы ашәа рҳәон, аха, анеҩс, амилаҭтә конкурс ажиури рыӡбарала, гәыҧк аҳасабала ишьақәгылеит. Усҟан дара 10-10 шықәса рхыҵуан.
Ари агәыҧ 2008 шықәсазы Кипр имҩаҧысуаз ахәыҷтәы «Евровизиа» аҿы аиааира агеит.
18 шықәса рнеҩс, «Бзикеби» асценашҟа ихынҳәит.
Ауаажәларратә дырраҭара аӡбарала, ари агәыҧ Австриа аҳҭнықалақьаҿ Вена имҩаҧысуа «Евровизиа -2026» аҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылоит.