Евровизиа 2025 аҩбатәи афиналбжаҿы афиналахь иасыз жәа-ҳәынҭқаррак аарҧшуп
Иахьа Базель имҩаҧысит Евровизиа 2025 аҩбатәи афиналбжа. Ахәаҧшцәа рҿаҧхьа иқәгылеит 16 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.
Ахәаҧшцәа рыӡбарала, афиналахь иасит 10 ҳәынҭқаррак: Лиетува, Израиль, Шәамахьтәыла, Даниа, Австриа, Лиуқсембург, Финлиандиа, Латвиа, Мальта, Бырзентәыла.
Евровизиа 2025 афиналтә конкурс аҿы иқәгылоит 26 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.
Иахьатәи аҩбатәи афиналбжаҿы Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылон Мариам Шенгелиа.
Лаҵара 17 рзы имҩаҧысуа Евровизиа афиналтә шоу ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.