Европатәи ахеилак - Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа ииашаны, рхы иақәиҭны шымҩаԥысуа, аҭыԥантәии жәларбжьаратәи амиссиақәа анашьҭра шроуа ҳазыԥшуп
Европатәи ахеилак ақырҭуа жәлар европатәи рымҩа адгылара шазыхиоу шьақәнарӷәӷәоит. Аха, Қырҭтәыла аиҳабыра алырхыз акурс иазкны агәынамӡара даҽазнык аанарԥшуеит, ари акурс Евроеидгыла шьаҭас иамоу ахәынаӡарақәеи апринципқәеи ирҿагылоит, – иануп Европатәи ахеилак еилатәара ашьҭахь аларҵәара зауз алкаа аҿы.
Адокумент инақәыршәаны, “Европатәи ахеилак даҽазнык иазгәанаҭоит, абри еиԥш акурс Қырҭтәыла европатәи амҩа азы ишшәарҭоу, алалара апроцес шаԥырхаго. Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, европатәи аинтеграциа ашьаҭатәи принципқәа ирышьашәаланы, адемократиатә зегьеицырзеиԥшу ареформақәа мҩаԥыргарц”.
Европатәи ахеилак ишазгәанаҭо, аҭагылазаашьа икылкааны ацклаԥшра нанагӡоит.
“Европатәи ахеилак ақырҭуа жәлар европатәи рымҩа адгылара шазыхиоу шьақәнарӷәӷәоит. Аха, Қырҭтәыла аиҳабыра алырхыз акурс иазкны агәынамӡара даҽазнык аанарԥшуеит, ари акурс Евроеидгыла шьаҭас иамоу ахәынаӡарақәеи апринципқәеи ирҿагылоит. Европатәи ахеилак иаҵшьны иазгәанаҭоит зхы иақәҭу, ихьыԥшым, аплиуралисттә аихқәа шыхьчатәу.
Европатәи ахеилак даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла асуверенитети, атерриториатәакзаареи, ахақәиҭреи шадгыло“, – иануп алкаа аҿы.