Европатәи ахеилак - Ахҧатәи атәылақәа рзы авизадатә режим аамҭала аанкылара амеханизм еиҕьхоит, уи аӡбарақәа здызкыло ахаҿқәа мацара ирыдкыслоит
Европатәи ахеилаки Европарламенти ахҧатәи атәылақәа рзы авизадатә режим аанкылара аҧҟарақәа рзы еиқәшаҳаҭхеит. Европатәи ахеилак апресс-релиз ишану ала, ирҿыцу аҧҟарақәа рыбзоурала, Евроеидгыла «намысдарала, мамзаргьы, Евроеидгыла аинтересқәа ратәамбарала авизадатә режим ахархәара иаҳа еффективла ақәҿыҭра алшоит».
Апресс-релиз ишану ала, Европатәи ахеилаки Европарламенти авизадатә режима аанкылара амеханизм аус арура аныҟало аҭагылазаашьақәа рзы еиқәшаҳаҭхеит. Арҭ аҭагылазаашьақәа иреиуп:
- Ахҧатәи атәыла авизатә политика Евроеидгыла авизатә политика ашьашәамлазаара, ҷыдала, ари атәыла Евроеидгыла аҳәаақәа ирзааигәазар;
- Аинвесторцәа атәылауаҩра ранашьара апрограмма, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, зыӡбахәы ҳәоу атәыла реалра иадҳәалам ауаа ари атәыла атәылауаҩра роуеит заанаҵы ишьақәыргылоу ахәҧсеи аинвестициақәеи рыбзоурала;
- Агибридтә шәарҭарақәеи, ашәарҭадара иадҳәалоу адокументқәеи апроцедурақәеи, иара убас, азакәанҧҵареи рҿы иҟоу агхақәа;
- Ахҧатәи атәылаҟны аполитикатә еизыҟазаашьақәа реицәахара, ҷыдала, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ахадаратә хақәиҭрақәеи, ЕАР Аҧҟанҵа аилагареи аганахьала.
Иара убас, апресс-релиз ишану ала, Европатәи ахеилаки Европарламенти авизадатә режим аамҭала аанкылара аҿҳәара ацынҵар рҭахуп 9 мза инаркны 12 мзанӡа, иҵегьы 24 мза рыла анагӡара алшарала.
Аҿҳәара ацҵара абзоурала, Евроеидгыла ахҧатәи атәылаҟны аиҿцәажәара алагара алшоит авизадатә режим аанкылара зыхҟьаз амзызқәа раҧыхра азҵааразы. Иара убас, ишазгәаҭоу ала, ахҧатәи атәыла зыӡбахәы ҳәоу аилагарақәа рыриашара алымшар, авизадатә режим зынӡаскгьы иаҧыхзар ауеит.
Апресс-релиз аҿы ишазәгаҭоу ала, Европатәи ахеилаки Европарламенти авизадатә режим аамҭала аанкылара амеханизм аиҕьтәразы еиқәшаҳаҭхеит, ари амеханизм ахадаратә зинқәеи адәныҟаполитикатә ҧхықәрақәеи реилагаразы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа ирыдкьыслоит.
«Уажәазы амч змоу асистемаҿы амеханизм аҩбатәи афаза атәылауаа зегьы ирыдкьыслоит, аха, уи ииашам, аҭагылазаашьазы аиҳабыра мацара аҭак рыҧхықәзар.