Европатәи ахеилак апарламенттә ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩ - Қырҭтәыла аполиаризациа змоу аполитикатә климат шьақәгылеит, уи аполитикатә диалог амҩаԥгареи аусеицуреи ирԥырхагоуп
Европатәи ахеилак апарламенттә ассамблеиа (PACE) ажәахәҟаҵаҩцәа Титус Корлатеани (Румыниа, SOC) Клод Керни (Франциа, ALDE) 2021 шықәса ԥхынҷкәын 8-10 рзы Қырҭтәыла авизит ашьҭахь атәылаҿ иҟоу аполитикатә полиаризациа иазкны агәынамӡара аажырԥшит. Қырҭтәыла аполиаризациа змоу аполитикатә климат шьақәгылеит, уи аполитикатә диалог амҩаԥгареи аусеицуреи ирԥырхагоуп, – иануп Европатәи ахеилак апарламенттә ассамблеиа авебдаҟьа ианылаз аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, ажәахәҟаҵаҩцәа ргәаанагарала, ари атәыла аполитикатә ҭышәынтәалареи адемократиатә консолидациеи ирԥырхагоуп, шеишықәса рыбжьара Қырҭтәыла иҟаз апрогресс цәыӡуеит.
Ажәыхәҟаҵаҩцәа иазгәарҭеит, адемократиатә консолидациеи евроатлантикатәи аинтеграциеи аполитикатә мчқәа зегьы рҭакԥхықәроуп. Европатәи ахеилак апарламенттә ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа аполитикатә актиорцәа зегь рахь ааԥхьара ҟарҵоит рхатә политикатәи партиатәи интересқәа мап рцәыркны, атәыла аинтересқәа ԥхьҟа дыргыларц.