Европатәи ахеилак Украинеи, Молдовеи Қырҭтәылеи рызҵаара рашәаразы иазыхынҳәуеит
Европатәи ахеилак Украинеи, Молдовеи Қырҭтәылеи рызҵаара рашәаразы иазыхынҳәуеит

Европатәи ахеилак Украинеи, Молдовеи Қырҭтәылеи Евроеидгыла ралалара иазку аҳәамҭақәа ирызку Еврокомиссиа апозициа иазыԥхьагәаҭаны, ари азҵаара рашәаразы азыхынҳәуеит, – иануп Европатәи ахеилак аилатәара ашьҭахь аларҵәара зауз аҳәамҭа аҿы.

“Европатәи ахеилак Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиа иаҿагылоит, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит атәылауааи атәылауаҩратә инфраструктуреи ржәылара иаҟәыҵны, арратә хәҭәақәа зегьы Украина атерриториа алнагарц“, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Еврпатәи ахеилак адгылара азаанарԥшуеит Ашьауӷа зин азы жәларбжьаратәи аӡбарҭа апрокурор арратә ацәгьура аганахьала имҩаԥиго иусзура.

Европатәи ахеилак аҳәамҭаҿ ишану ала, аибашьра аанкыларазы Урыстәылеи Беларуси рықәыӷәӷәара нанагӡоит.

Аихшьаалатә ҳәамҭаҿ асанкциақәа афбатәи пракет атәы иануп.