Европатәи антикоррупциатә центр аҭҵаара инақәыршәаны,  аҳәынҭқарратә ламысцқьара аглобалтә реитинг аҿы Қырҭтәыла  32-тәи аҭыҧ ааннакылоит
Европатәи антикоррупциатә центр аҭҵаара инақәыршәаны,  аҳәынҭқарратә ламысцқьара аглобалтә реитинг аҿы Қырҭтәыла  32-тәи аҭыҧ ааннакылоит

Европатәи антикоррупциатә центр аҭҵаара инақәыршәаны,  аҳәынҭқарратә ламысцқьара аглобалтә реитинг аҿы Қырҭтәыла  32-тәи аҭыҧ ааннакылоит.  Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала, ареитинг аҿы  Қырҭтәыла  Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи рҿы аҧхьагылара амоуп, ҧасатәи асоветтә қәыҧшылараҿы Естониа анеҩс аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит.  

Аҳәынҭқарратә ламысцқьара ала, 2021 шықәсатәи ареитинг аҿы Қырҭтәыла арбага Израили, Лиетувеи, Латвиеи,  Хорватиеи, Бырзентәылеи, Польшеи, Венгриеи, Болгариеи, егьырҭ атәылақәеи рырбагақәа иреиҕьуп. 

„Аконкреттә ҭҵаара мҩаҧгоуп аҳәынҭқаррақәа ахәшьра зларырҭо аиндикаторқәа рышьаҭала, урҭ роуп  – административтә ахьанҭара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рааартызаареи раҳасабырбареи, апрессеи аӡбареи рхақәиҭҭреи“, – иазгәеиҭеит Илиа Дарчиашвили.   

Адунеи иреиҕьу аҭҵааратә аиҿкаара – Европатәи антикоррупциатә центр ицәырнагаз  „Аҳәынҭқарратә сектор аламысцқьара аиндеқс 2021“ аҳәынҭқарра ламысла анапхгара аҭара апрактикеи, аӡбара ахьыҧшымреи, апресса ахьыҧшымреи, административтә ахьанҭара аҩаӡареи, аҳәынҭқарра аҳасабырбареи аартызаареи арбагақәа ахәшьара рнаҭоит. Аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла, аҳәынҭқарратә сектор аламысқьара ала, Мрагыларатә Европеи ацентртә Азиеи арегион аҿы актәи аҭыҧ ааннакылоит. Ареитинг аҿы Қырҭтәыла ҧасатәи асоветтә қәыҧшылараҿгьы иреиҕьу алҵшәа амоуп,  Естониа анеҩс аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит. Ҧасатәи,  2019 шықәсатәи аиндеқс инақәыршәаны, Қырҭтәыла аҧхьа игыланы балтиатәи атәылақәа зегьы, ҧасатәи асоветтә тәылақәа рыгәҭа Қырҭтәыла аҧшьбатәи аҭыҧ ааннакылон.  

Аҳәынҭқарратә ламысцқьара ареитинг мҩаҧыргоит ҩышықәса рыла знык.  Европатәи антикоррупциатә центр ари ареитинг ацәыргара иалагеит  2015 шықәса анеҩс.  Аҳасабырба еиқәыршәоуп ЕАРи, Адунеи абанки,  Адунеизегьтәи аекономикатә форуми, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу егьырҭ асубиектқәеи, аглобалтә ахәшьараҭаратә аиҿкаарақәеи рыҭҵаарақәеи рҳасабырбақәеи рышьаҭала.