Европатәи Адырраҭаратә хеилак   "Евровивизиа  2023" иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Европатәи Адырраҭаратә хеилак   "Евровивизиа  2023" иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Европатәи Адырраҭаратә хеилак   “Евровивизиа  2023” иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Европатәи адырраҭаратә хеилак  (EBU)  анапхгара ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит  сынтәа аиааира згаз атәылаҿы, Украинаҿ  аконкурс  «Евровизиа -2023» амҩаҧгара ахьыҟамло амшала иаарҧшыз агәынамӡара.  Ари атәы иануп Европатәи Адырраҭаратә хеилак аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, азеиҧш ахәшьара инақәыршәаны, ашәарҭадареи аоперативтә гарантиақәеи рганахьала, Украина аконкурс амҩаҧгаразы иаҭаху аҳәарақәеи  «Евровизиа» аҧҟарақәеи ирышьашәалам.

«Абри зегьы еилкааны, EBU аӡбара рыдыркылеит ари ауснагӡатә даҽа тәылак аҿы амҩаҧгаразы, ҳаҧхьаҟа «Евровизиа» амҩаҧгаразы аҭыҧ алхра азҵаара алацәажәара нарыгӡоит», – иануп аҳәамҭаҿы.