Европатәи адырраҭарақәа реидгыла Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара аҭыхратә гәыԥқәа рықәлара иазкны агәынамӡара аанарԥшит
Европатәи адырраҭарақәа реидгыла (EBU) ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили иҟалҵаз аҳәамҭа иақәҿырҭит.
Ҭинаҭин Берӡенишвили иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы азгәаҭоуп Актәи аканал ажурналистцәа рықәлара еиԥырҟьам аҟазшьа аиуит.
Ҭинаҭин Берӡенишвили лажәақәа рыла, аҵак ду амоуп азакәан инақәыршәаны, Дманиси, лаҵара 17 рзы Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхратә гәыԥ – ажурналисти, аоператори, афоторепортиори рыԥҟареи русзура аԥырхагареи иалахәыз ахаҿқәа ридентификациеи рхьырхәреи, ауаажәларратә дырраҭара иақәгәыӷуеит иашьашәалоу аусҳәарҭақәа абарҭ афакҭқәа хымԥада ҭырҵаауеит ҳәа.
«Агәынамӡара ааҳаруԥшуеит Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара аҭыхратә гәыԥқәа рықәлара иазкны. «Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра адемократиазы аҵак ду амоуп, аих русзура анагӡара алшара рымазароуп,» – иануп Твиттер аҿы Европатәи адырраҭарақәа реидгыла аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.