Европарламенти, Еврокомиссиеи, Евроеидгыла ахеилаки Молдова 1,9 миллиард евро азоушьҭразы еиқәшаҳаҭхеит
Европарламенти, Еврокомиссиеи, Евроеидгыла ахеилаки Молдова 1,9 миллиард евро азоушьҭразы еиқәшаҳаҭхеит. Евроеидгыла ахеилак аҿы ишырҳәаз ала, Молдова ари аҧара аиуеит ареформақәа рымҩаҧгареи азҳареи амеханизм ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Арҭбаареи агәыларатә политикеи азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Коста лҳәамҭала, ари аҧара инырхуеит „Молдова аекономикатә аҿиара ацхраареи, ареформақәа рымҩаҧгареи, ари атәыла Евроеидгылашҟа алалареи азыҳәан“.
Молдова ахада Маиа Санду Евроеидгыла иалоу атәылақәеи евродепутатцәеи адгылара ҕәҕәа азыҳәан ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Европатәи ахеилак апрессрелиз ишану ала, амеханизм ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2025 – 2027 шықәсқәа рзы Молдова иазоурышьҭуеит 385 миллион евро агрант асахьала, иара убас, 1.5 миллиард евро азинҷыдала аҧсахтә асахьала. Зыӡбахәы ҳәоу ацхыраара ацынхәрас, Молдова, заанаҵы иззеиқәшаҳаҭхаз ареформақәа русхәаҧштә аҿы иарбоу аҳәарақәа зегьы нанагӡароуп.