Европарламентарцәа - Қырҭтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети, атерриториатә акзаареи ҳрыдгылоит, Урыстәыла имҩаԥнаго изакәаным ампыҵахалара ҳаҿагылоит
Европарламентарцәа - Қырҭтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети, атерриториатә акзаареи ҳрыдгылоит, Урыстәыла имҩаԥнаго изакәаным ампыҵахалара ҳаҿагылоит

Европарламент аҿы Қырҭтәыла аконтакттә гәыԥ алахәылацәа, азакәанԥҵаҩцәа Петрас Пустревичус, Михаел Галер, Марина Калиуранд, Андриус Кубилиум, Свен Миксер, Виола фон Крамон нанҳәатәи аибашьра ашьҭахь 14 шықәса ҵра инамаданы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Европарламент алахәылацәа рҳәамҭаҿ ишану ала,” ари аибашьра алҵшәақәа иахьа Европа зегь аҿы иубарҭоуп”.

“14 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәа 7 рзы жәларбжьаратәи зин аилагара ала, Урыстәыла Қырҭтәыла аганахьала агрессиатә аибашьра алагеит. Ари аибашьра алҵшәақәа иахьа Европа зегь аҿы иубарҭоуп. Иахьырхәым агрессиа иахылҵит 2014 шықәсатәи Ҟрым аннексиа, 2022 шықәсазы – Украина ажәылара. Иахьа даҽазнык шьақәҳарӷәӷәоит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети, атерриториатә акзаареи ҳашрыдгыло, Урыстәыла имҩаԥнаго изакәаным ампыҵахалара ҳшаҿагыло…” – иануп европарламентарцәа иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.