Европарламент хәҩык адепутатцәа Қырҭтәыла иазкны аҳәамҭа ҟарҵеит. Аҳәамҭа ишану ала, дара аполитикатә оппонентцәа рганахьала амчылара иақәыӡбоит, Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьа аицәахара даараӡа иаргәамҵуеит.
Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит: Европарламент адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы Девид Макалистер, Евронест Апарламенттә Ассамблеиа аделегациа ахантәаҩы Сергеи Лагодински, Аахыҵ Кавказ аҟны аизыҟазаашьақәа рзы аделегациа ахантәаҩы Нилс Ушаковс, Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы Европарламент ажәахәҩаҵаҩы Раса Иукневичиене, Қырҭтәыла имҩаҧгаз 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рҿы Европарламент анаҧшратә миссиа анапхгаҩы Антонио Лопес-Истурис Ваит.
„Ҳара Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьа иаҳа аицәахара иадҳәаланы агәынамӡара ду ааҳарҧшуеит. Ҧасатәи аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Баҭым асасааирҭаҿы ишиқәлаз анҳаҳа ҳгәы ҧжәеит. Уи „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭарнакцәеи рыдгылаҩцәеи адемонстрантцәеи адиссидентцәеи ирҿагыланы еиҿыркаауа амчылара даҽа фактк ауп. Ҳара, 50 мшы рыҩныҵҟа, есымша Қырҭтәыла амҩақәа рҿы зхатә тәыла адемократиатә европатәи аҧеиҧш азы адемонстрациақәа мҩаҧызго аҭынчуаа ҳрыдгылоит. Қырҭтәыла, акыршықәса ирылагӡаны, евроатлантикатә ҽазышәарақәа рганахьала аҧхьагылара аман, ақырҭуа жәлар уи ҕәҕәала иадгылон. Ари аҭагылазаашьа аҽамҧсахит, аха, уажәы „Ақырҭуа гәахәтәы“ ақырҭуа жәлар рҧеиҧш рымырхит. Қырҭтәыла аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит, уи ақәҿыҭра аҭатәуп. Уажәазы Саломе Зурабишвили заҵәы лоуп алегитимациа змоу, ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аазырҧшуа.
Ҳара 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа иазхаҳҵом, азбанзар, алхрақәа ҧаршеин, адемократиатә алхрақәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаламызт. Ҳара ари аорган иаднакыло аӡбарақәа иазхаҳҵом. Ҳара Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла адемократиатә шьҭахьҟацаразы аҭак зыҧхықәу Биӡина Иванишвилии Иракли Кобахиӡеи асанкциақәа рзышьақәдыргыларц.
Ҳара Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәеи иашьашәалоу арегионалтә аиҿкаарақәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭарнакцәа алегитимациа рырымҭарц, Евроеидгыла-Қырҭтәылатәи ассоциациа ахеилак аусура ааныркыларц. Ҳара зыҧшра ҟамҵакәа изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара ҳаҳәоит, иаҳа еиҕьу алхратә лагылазаараҿы, ихьыҧшым алхратә администрациа анапхгарала, ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аазырҧшыша зхы иақәиҭу, ииашоу, иаарту апроцесс аиқәыршәаразы“, – иануп Европарламент хәҩык алахәылацәа рҳәамҭаҿы.