Европарламент Украинеи Қырҭтәылеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла ала ауааҧсыра ирыҭоу аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа Евроеидгылашҟа аныҟәаразы рызхаҵамра иадгылеит
Европарламент Украинеи Қырҭтәылеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла ала ауааҧсыра ирыҭоу аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа Евроеидгылашҟа аныҟәаразы рызхаҵамра иадгылеит
Акт аҵыхәтәантәи аверсиа аофициалла ицәырыргоит Европатәи Ахеилаки Европарламенти реиқәшаҳаҭхара ашьҭахь, ашьақәырҕәҕәареи аофициалтә журнал аҿы акьыҧхьреи анеҩс, азакәанҧҵаратә инициатива амч аиуеит.
Ажәалагала инақәыршәаны, Еврокомиссиа Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҿы аконсультациақәа мҩаҧганы, ҳаҧхьаҟа ирыдрымкылаша урыстәылатәи аныҟәаратә документқәа рсиа еиқәдыршәароуп.