Европарламент Қырҭтәыла иазку арезолиуциа аднакылеит
Европарламент Қырҭтәыла иазку арезолиуциа аднакылеит

Европарламент Қырҭтәыла иазку арезолиуциа иақәшаҳаҭхеит.

Ириашаз арезолиуциа иадгылеит 495ҩык адепутатцәа, иақәшаҳаҭымхеит  — 73ҩык, рҽааныркылеит  — 86ҩык.

Европарламент адепутатцәа Қырҭтәыла иазку арезолиуциа апроект цәырыргеит жьҭаара 8 рзы.  Арезолиуциаҿы дара Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәыла аҳасабала,  «Украина ажәылара амшала Урыстәыла асанкциақәа азышьақәыргылареи Евроеидгыла асанкциақәа рывсра аҽацәыхьчаразы иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵареи азы. Иара убас, Европарламент адепутатцәа, Европа Ахеилак ахь ааҧхьара ҟарҵеит  «Биӡина Иванишвили хаҭалатәи асанкциақәа изышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшырц».  Убри адагьы, Европарламент адепутатцәа Евроеидгылеи уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи  рахь ааҧхьара ҟарҵеит  «Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа реилагара иалахәыз ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргыларазы».

Европарламент адепутатцәа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵеит  «ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәреи аҳәаанырцә аҽыхәшәтәра алшара иҭареи» азы, иара убас,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит   «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәани   «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәани зыҧшра ҟамҵакәа раҧыхразы.