Европарламентаҿ 425 бжьыла (30-ҩык иаҿагылеит) Европарламентаҿ иҟоу аполитикатә аидҵарақәа: «Европатәи жәлар рпартиа», «Асоциал-демократцәа», «Ирҿыцу Европа», «Аиаҵәақәа — Зхы иақәиҭу европатәи алианс» , «Европатәи аконсерваторцәеи ареформисттә гәыҧқәеи» «Қырҭтәыла атәым агентцәа ирызку азакәан ирҿыцны адкылара аҽазкреи атәылауаҩратә уаажәларра рҳәаақәҵареи” иадҳәаланы арезолиуциа апроект рыдыркылеит.
Арезолиуциа апроект иацы цәырган, уи авторцәа иреиуп — Мириам Лексман, Маикл Галлер, Раса Иукниавичене, Девид Макаллистер, Андриус Кубилиус, Свен Миксер, Маркета Грегорова, Анна Фотыга. Иахьатәи арезолиуциаҿ аԥсахрақәак иалалеит.
Арҭ аԥсахрақәа роуп – Арезолиуциа:
1. 2023 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы активтә политикашҟа ихынҳәыз апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» пату зқәу ахантәаҩы, Қырҭтәыла иҟоу аолигарх заҵәык Биӡина Иванишвили ироль атәылаҿ иҟоу аполитикатә кризиси мраҭашәаратәи аориенатциа змоу атәыла акурс аԥсахреи Урыстәыла ахырхарҭа адгылареи рҽазкра иаҿагылоит. Даҽазнык ааԥхьара ҟанаҵоит Иванишвили иагнахьала асанкциақәа рыдкылара иазхәыцырц, избан акәзар Қырҭтәыла аполитикатә процессқәа реицәахараҿы иара ироль дууп;
2. Қырҭтәыла аиҳабыра рахь даҽазнык ааԥхьара ҟанаҵоит агуманитартә шьаҭала Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили доурыжьҭырц, аҳәаанырцә ахәшәтәра алшара ирҭарц; иус аӡбарҭатә реформа ахымԥадара даҽазнык аанарԥшуеит;
3. Еврокомиссиа ахь ааԥхьара ҟанаҵоит “Атәым агентцәа” ирызку азакәанпроект авизалиберализациа акритериқәа рынагӡара шаԥырхаго аанарԥшырц;
4. «Ақырҭуа гәахәтәы» ахь ааԥхьара ҟанаҵоит ЛГБТ агәыԥқәа рзинқәа еилазаго аконституциатә закәанԥҵара мап ацәнакырц;
Иацы аларҵәара зауз арезолиуциа апроект атекст иркьаҿу авариант:
Арезолиуциа апроект ишану ала, «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан Евроеидгыла алаларазы акандидат тәыла аҳасабала Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа ирышьашәалам.
Европатәи апарламент «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект аҩынтәраан апарламентаҿ ацәыргара афакт иааҧҵәаны иақәыӡбоит, избанзар, дара ргәаанагарала, ари азакәанпроект атәылауаҩратә уаажәларреи ихьыҧшым АИХқәеи рхы иақәиҭны аусураҿы ирҧырхагахоит.
Апроект ишану ала, ари азакәан Қырҭтәыла азинеиҿкаара хәҭас иахьынӡаҟало, Евроеидгыла, Қырҭтәылаҟны аиҿцәажәарақәа иаламгароуп.
Европарламент даҽазнык Қырҭтәыла апарламентахь ааҧхьара ҟанаҵеит ари азакәан адкылара иадҳәалоу апарламенттә процедурақәа ааныркыларц.