Европарламент Қырҭтәыла иакны иаднакылаз, хымҧадатәи амч змам арезолиуциа  – Ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргылареи, алхрақәа реиҭамҩаҧгареи, Михаил Саакашвили ашьауҕа ихыхреи, авизатә либерализациа аиҭахәаҧшреи
Европарламент Қырҭтәыла иакны иаднакылаз, хымҧадатәи амч змам арезолиуциа  – Ачынуаа асанкциақәа рзышьақәыргылареи, алхрақәа реиҭамҩаҧгареи, Михаил Саакашвили ашьауҕа ихыхреи, авизатә либерализациа аиҭахәаҧшреи

Европарламент Қырҭтәыла иакны  хымҧадатәи амч змам арезолиуциа  аднакылеит.

Адокумент хьӡыс иамоуп  — «Аҵыхәтәантәи апарламенттә алхарақәа рышьҭахь Қырҭтәыла иаҳа ицәгьахаз адемократиатә кризис».

Адокумент ишану ала,  2024 шықәса жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаламызт.  Алхрақәа риашара аилагара – акандидат астатус змоу атәыла аҟынтә иззыҧшу астандартқәа ирықәнагам.   Ишазгәаҭоу ала, арҭ алхрақәа раан лабҿаба иубарҭахеит  адемократиа аҿиара аганахьала атәыла шьҭахьҟа ишцаз.

Арезолюциа авторцәа алхрақәа раан иҟалар зылшоз аилагарақәа ирыдҳәаланы   иаарту жәларбжьаратәи аусеилыргара амҩаҧгара иаҳәоит.

Арезолиуциа Европатәи ахеилаки уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵоит «Қырҭтәыла адемократиатә шьҭахьҟацаразы аҭак зыҧхықәу ачынуааи аполитикатә лидерцәеи –  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвилии  асанкциақәа рзышьақәдыргыларц, арҭ асанкциақәа аполитикатә ашьаҭа змоу ақәҵарақәа здызкыло аӡбаҩцәагьы ирыдкьыслароуп. Иара убас, арезолиуциа Европатәи ахеилаки уи адемократиатә партниорцәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Биӡина Иванишвили хаҭалатәи асанкциақәа изышьақәыргыланы, Евроеидгылаҿ имоу активқәа зегьы дырҵаарц.

Убри адагьы, арезолиуциаҿы ишазгәаҭоу ала, шьаҭанкылатәи азинқәа пату рықәҵара Евроеидгылаҟны авизатә режим алиберализациазы ахадаратә ҵакы змоу принципуп, убри аҟынтә, арезолиуциа, Еврокомиссиеи Европатәи ахеилаки рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәылаҟны авизадатә режим еиҭахәаҧшырц, уи аанкылара алшарала.

Иара убас, арезолиуциа авторцәа, иааҧҵәаны иаҳәоит Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа иоужьҭра, иара  аҳәаанырцә аҽыхәшәтәра алшара имазарц азыҳәан.