Европарламент иалагалоу арезолиуциа апроект инақәыршәаны, апартиақәа зегьы жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа иазхарҵароуп, конструктивла аус руроуп, аполиаризациа аҧырырхыроуп
Италиатәи адепутат Данило Делла Валле, армарахьтәи агәыҧ ахьӡала, Европарламент иалигалеит Қырҭтәыла иадҳәалоу арезолиуциа апроект, уи инақәыршәаны, апартиақәа зегьы жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа иазхарҵароуп, конструктивла аус руроуп, ақырҭуа уаажәларраҿы азҳара иаҿу аполиаризациа иаҧырхроуп.
Арезолиуциа апроект Евроеидгылахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны хықәкылатәи адиалог амҩаҧгаразы.
Апроект ишану ала, жәларбжьаратәи амониторингтә миссиақәа заанаҵтәи рыҳасабрба ишану ала, Қырҭтәыла иҟоу азакәанҧҵаратә база адемократиатә алхрақәа рымҩаҧгара еиқәнаршәоит, алхыҩцәа алхра аҟаҵаразы алшара ду рыман, алхрақәа ирылахәыз 18 аполитикатә субиектқәа рхы иақәиҭны алхраҧхьатәи акампаниа амҩаҧгара рылшон. Иара убас, адокументаҿ агәамҵра аарҧшуп алхрақәа раан иҟаз аполиаризациеи, алхыҩцәа рықәыҕәҕәареи, абжьыҭира амаӡа аилагареи иадҳәаланы. Адокумент авторцәа Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟарҵоит Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа нарыгӡарц.
Арезолиуциа апроектаҿ ишазгәаҭоу ала, Евроеидгыла алалара апроцесс аобиективтә критериқәа ирышьаҭакуп. Иара убас, апроект авторцәа ргәынамӡара аадырҧшит Евроеидгыла Қырҭтәыла афинанстә цхыраара азаанкыларазы иаднакылаз аӡбара иадҳәаланы. Апроектаҿ иаҵшьны иазгәаҭоуп авизатә режим алиберализациа ахьчареи, иара убас, Қырҭәтыла аиҳабыреи Евроеидгылеи рыбжьара аконструктивтә диалог амҩаҧгареи ахымҧадара.