Европарламент авице-ахада  Отмар Карас – Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу
Европарламент авице-ахада  Отмар Карас – Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу

«Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара рзы европатәи аперспектива ҵакыс иамоу здыруеит, Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу», –   Европарламент  авице-ахада  Отмар Карас  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Мадрид, уаҟа Евроеидгыла апарламентқәа адәныҟатәи аусқәа рзы акомитетқәа рхантәаҩцәа реиҧылара мҩаҧган.

«Европарламент аргама аанацҳаит Украинеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи, Молдовеи рҧеиҧш Евроеидгылаҿ ишыҟоу.  Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара рзы европатәи аперспектива ҵакыс иамоу здыруеит, Қырҭтәыла аҧеиҧшгьы Евроеидгылаҿоуп иахьыҟоу. Ҳара абасоуп ҳгәы ишаанаго. Уажәшьҭа ҳара, Евроеидгылашҟа  шьаҿа–шьаҿала ҧхьаҟацара наҳагӡароуп», — иҳәеит  Отмар Карас.