Европарламент аполитикатә гәыҧқәа рлидерцәа Евроеидгыла Ахеилак ахь ааҧхьара ҟарҵеит - Аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи иҟарҵаз азыҳәамҭазы аӡбара рыдыркыларц
Европарламент аполитикатә гәыҧқәа рлидерцәа Евроеидгыла Ахеилак ахь ааҧхьара ҟарҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, аполитикатә гәыҧҧқәа рлидерцәа рашәара 23-24 рзы еизо аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәа рахь ааҧхьара ҟарҵоит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи иҟарҵаз азыҳәамҭазы аӡбара рыдыркыларц.
«Ҳара, аполитикатә гәыҧқәа рлидерцәа, рашәара 23-24 рзы еизо аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭазы аӡбара рыдыркыларц.
Евроеидгыла, афырхаҵареи аҕәҕәареи аарҧшны, Украина иаҿагыланы имҩаҧысуа агрессиатә аибашьреи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа аицәахареи иазҧхьагәаҭаны, зхатә принципқәеи аидеиалқәеи зыхьчо зыгәра угаша партниорс иҟазароуп, абри аҩызаҵәҟьа апринципқәеи аидеиаллқәеи ирызгәыку апартниорцәа ирыдгылароуп.
Украина атәылауаа зхы иақәиҭу, европатәи аҭаацәара иалахәы, адемократиатә ҳәынҭқарраҿы анхара рҭахуп. Қырҭтәылеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи руааҧсырагьы уи шырҭаху аадыруеит, урҭ ргәазыҳәара атәамбара ҟалом. Убри аҟынтә, акы еиҧшымкәа ҳшәыҳәоит зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ранашәшьарц», — иануп аҳәамҭаҿы.