Европарламент аполитикатә гәыԥқәа рлидерцәа рҳәамҭа апроект - Европарламент Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи акандидат статур ранашьара адгылоит
Европарламент аполитикатә гәыԥқәа рлидерцәа рҳәамҭа апроект - Европарламент Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи акандидат статур ранашьара адгылоит

Европарламент аполитикатә гәыԥқәа рлидерцәа рҳәамҭа апроект аус адырулеит, апроект аҿы ишазгәаҭоу, Европарламент Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи акандидат статус ранашьара адгылоит, –  ари атәы аанацҳаит арадио “Хақәиҭра”.

Акьыԥхь аинформациа ала, аҳәамҭа апроект аҿы иануп:

“Апрезидентцәа рконференциа ахьӡала, Европа апарламент политикатә гәыԥқәа рлидерцәа атәыла-алахәылацәеи аиҳабырақәеи рлидерцәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит, ҩымчыбжь рыла Бриуссель еизаны, Украинеи Қырҭтәылеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз аҳәарақәа ирыхәаԥшырц. Афрхаҵареи аӷьеҩреи ааҳарԥшыроуп. Агеополитикатә ҭагылазаашьа аԥсахра ҳақәҿыҭра аҭахуп. Абри ала ҳпринципқәеи ҳхәынаӡарақәеи гәык ала ҳшырзыҟоу ааҳарԥшуеит. Агәаҟра зхызго украинааи молдовааи ақырҭуааи еиӷьу аԥеиԥш иазықәԥоит, ҳара ҳҟынтә асигнал иазыԥшуп,  урҭ рҭып европатә аҭаацәараҿ иҟоуп. Ари иазыԥхьагәаҭаны, апалата шәара шәахь ааԥхьара ҟанаҵоит Евроеидгыла аиқәшаҳаҭра 49-тәи ахәҭаҷ инқәыршәаны, Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи акандидат статус ранашьара шәадгыларц”, – иануп атекст аҿы.

Акьыԥхь аинформациа ала, атекст апроектуп,убри аҟынтә уи аԥсахрақәа алалар ҟалоит, аха Евроеидгыла аусқәа рзы арадио “Хақәиҭра” акорреспондент ишааицҳаз, азҵаара хада – акандидиат статус анашьара иазку аҳәара – ԥсахӡом.