Европарламент алахәылацәа Қырҭтәыла апартиақәа еиқәшаҳаҭхара ахьрылымшаз ргәынамӡара аадырԥшит, афинанстә цхыраара аанкылара  иҟалар алшоит
Европарламент алахәылацәа Қырҭтәыла апартиақәа еиқәшаҳаҭхара ахьрылымшаз ргәынамӡара аадырԥшит, афинанстә цхыраара аанкылара  иҟалар алшоит

Европарламент алахәылацәа Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит.

Европарламент алахәылацәа ргәынамӡара аадырԥшуеит Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәеи Евроеидгыла амедиациатор Кристиан Даниельсон иажәалагала ахьиақәшаҳаҭымхаз.

Қырҭтәыла аполитикатә апартиақәа акомпромисс мап ацәыркит, убри аҟынтә Евроеидгыла аҟынтә афинанстә цхыраара аанкылара  иҟалар алшоит.

Қырҭтәыла апарламент аҿы имҩаԥысуа алхратәи аӡбарҭатәи реформақәа рыдкылара аполитикатә адгылареи Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара/ODIHR-и, Европа ахеилак иаҵанакуа Венециатәи акомиссиеи ррекомендациақәа рынагӡара аҭахуп. Арҭ ареформақәа агәрагара аиҭашьақәыргылара аус аҿы аҵакы хада рымоуп. Анапхгаратә партиа ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аинклиузивтә процесс мҩаԥыргарц.

Қырҭтәыла алидерцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит зыԥшра ҟамҵакәа аҭагылазаашьа иҭышәныртәаларц. Амш аусхәаԥштә иалоу Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рԥеиԥш, – иануп Европарламент алахәылацәа иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.