Европарламент алахәылацәа  - Агәынамӡара ааҳарԥшуеит мшаԥы 19-тәи еиқәшаҳаҭрантә  "Ақырҭуа гәахәтәы" ганклатәи алҵра иазкны, ари апартиа ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, аӡбара мап ацәкны, егьырҭ апартиақәа рҟны аусеицура нанагӡарц
Европарламент алахәылацәа - Агәынамӡара ааҳарԥшуеит мшаԥы 19-тәи еиқәшаҳаҭрантә "Ақырҭуа гәахәтәы" ганклатәи алҵра иазкны, ари апартиа ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, аӡбара мап ацәкны, егьырҭ апартиақәа рҟны аусеицура нанагӡарц

Агәынамӡара ааҳарԥшуеит мшаԥы 19-тәи еиқәшаҳаҭрантә “Ақырҭуа гәахәтәы” ганклатәи алҵра иазкны, – иануп Европарламент алахәылацәа  Марина Калиуранди, Свен Миқсери Виола фон Крамони еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.

Европарламент алахәылацәа иазгәарҭоит, аиқәшаҳаҭра аполитикатә полиаризациа армаҷреи Қырҭтәыла азакәан аиҳаӡара арӷәӷәареи шрыцхраауа.

Европарламент алахәылацәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” ирҳәо иахәамԥшыкуа, аиқәшаҳаҭра ахықәкқәа нагӡоуп. Аиқәшаҳаҭра анапы айарымҩы аоппозициатә партиақәа ари иманшәалам аҭагылазаашьа ашьақәыргылараҿ аҭакԥхықәра ду рыдуп.

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭала, Шарль Мишель илагалеи идгылареи рзы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Аха иахьа, аиқәшаҳаҭра рыбжарҵеижьҭеи 100 мш анҵы иубарҭоуп, ари адокумент ахатә миссиа шынанагӡаз, уаҳа акгьы шалымшо”. Кобахиӡе иажәақәа рыла, мшаԥы 19-тәи аиқәшаҳаҭра аԥыхра ала, атәыла аконституциатә ҳәаа азыхынҳәеит, аполитикатә процессқәа Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны нагӡахоит.

Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы Европа ахеилак ахада Шарль Мишель иахьа аҳәамҭа ҟаиҵеит.