Европарламент алахәыла Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсныи Цхинвалтәи региони рызхаҵара аԥырырхырц
Европарламент алахәыла Марика Калиуранд Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсни Цхинвалтәи региони рызхаҵара аԥырхырц, аҭыԥ ашҟа Евроеидгыла анаԥшратә миссиа нарышьҭырц.
Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара 2008 шықәсазы иҟалаз еибашьра иазкны Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аднаклаӡ аӡбамҭа иадҳәаланы Европарламент аахыҵ Кавказ аҟны еизыҟазаашьақәа рделегациа анапхгаҩы аҳәмҭа ҟалҵеит.
Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Старбургтәи аӡбарҭа аднакылаз аӡбамҭа шьақәнарӷәӷәоит Урыстәылатәи афедерациа 2008 шықәса нанҳәа 12 инаркны иааҟәымҵӡакәа Аԥсни Цхинвалтәи региони рконтроль мҩаԥнагоит.
«Европарламент изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟанаҵеит Урыстәылатәи афедерациа жәларбжьаратәи хыдҵақәа ирыдҳәаланы, Аԥсни Цхинвалтәи регион/Аахыҵ Уаԥстәыла азхаҵара аԥырхны, Евроеидгыла абжьаҟазарала ибжьаҵаз фпунктк рыла ишьақәгылоу еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла иҟоу Евроеилгыла анаԥшратә миссиа (EUMM) хаҭарнакцәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рахь нарышьҭырц», – иануп Марина Калиуранд иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.