Европарламент адепутатцәа иаанханы иҟоу аоппозициатә партиақәа ирыбжьаргоит Қырҭтәыла ишахәаша ала рхы мҩаҧыргарц
Иаанханы иҟоу аоппозициатә партиақәа ирыбжьаагоит аполитикатә кризис аҵыхәанӡа аҧыхра амзызла, Қырҭтәыла ишахәаша ала рхы мҩаҧыргарц, — абри аҳәамҭа ҟарҵеит Европарламент хҩык адепутатцәа, Марина Калиуранди, Виола фон Крамони, и Свен Миксери.
Иара убас, аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, дара мшаҧы 19 рзы «Ақырҭуа гәахәтәи» аоппозициатә партиақәа реиҳареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит, хара имгакәа Қырҭтәыла апарламент ишахәҭоу ала аусура иалагап ҳәа игәыҕуеит.
«Абри аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, европатәи аҽазышәареи арҕәҕәара иацхраауеит. Хара имгакәа Қырҭтәыла апарламент ишахәҭоу ала аусура иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит. Европарламент Қырҭтәыла апарламент аҟны аусеицуреи ацхраареи иазыхиоуп», — иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.