Европарламент адепутат Михал Шерба – Уажәазы Қырҭтәылаҿ атәыла ахада - алегитимра наӡа змоу амаҵзуҩы заҵәуп, лара ари атәылаҿ лидерс дыҟоуп, ҳара аус лыцаауроуп
 Европарламент адепутат Михал Шерба – Уажәазы Қырҭтәылаҿ атәыла ахада - алегитимра наӡа змоу амаҵзуҩы заҵәуп, лара ари атәылаҿ лидерс дыҟоуп, ҳара аус лыцаауроуп

«Ҳара Қырҭтәыла анапхгара ҳрыҳәоит  Евроеидгылаҿ ҳара пату зқәаҳҵо аконкреттә ҭагылазаашьақәеи астандартқәеи рыла алхрақәа еиҭамҩаҧыргарц», — иҳәеит Европарламент иалоу польшатәи адепутат,  «Европатәи жәлартә партиа» алахәыла  Михал Шерба.

Михал Шерба иҳәамҭала, Европарламент адепутатцәа Қырҭтәыла иаҭааит ақырҭуа жәлар раҳаҭыр аҟынтә.

«Раҧхьа иргыланы, ҳара Қырҭтәыла ҳаҭааит адәахьы апротест ҟазҵо ақырҭуа жәлар раҳаҭыр аҟынтә, избанзар, дара ари атәыла европатәи аҧеиҧш амазар рҭахуп. Қырҭтәыла акандидат астатус аиуит аконкреттә ҭагылазаашьақәа рыла, урҭ иреиун зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара. Аха, арҭ алхрақәа ииашамызт ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара ҳрыҳәоит  Евроеидгылаҿ ҳара пату зқәаҳҵо аконкреттә ҭагылазаашьақәеи астандартқәеи рыла алхрақәа еиҭамҩаҧыргарц », — иҳәеит Михал Шерба.

Иара убас,  Михал Шерба ишиҳәаз ала, «уажәазы Қырҭтәылаҿ атәыла ахада – алегитимра наӡа змоу амаҵзуҩы заҵәуп».

«Лара ишиашаз абжьыҭирала далхын, ари атәыла лидерс дыҟоуп. Қырҭтәыла Евроеидгылахь ахатә амҩа нанагӡарцаз, аус лыцаауроуп», — иҳәеит  Михал Шерба.