Европарламент адепутат Маркета Грегорева - Украинеи Қырҭтәылеи рҵакырадгьылтә акзаара еилагоуп, ацклаҧшратә технологиақәа цәгьашақә рхы ишадырхәо, Путин аоппозициаа аҿымҭра шрыдицало аабоит, аха, ҿаҳҭуам
Иахьа, ашәарҭадаратә лагылазаара есымша анҽеиҭанакуа, Евроеидгыла алахәылацәа зегьы еицҿакны ицәажәалароуп, мамзаргьы, имҩаҧааго ашәарҭадаратә политикеи адәныҟатәи аполитикеи аҟынтә ажәа «азеиҧш» иныхтәуп, — илҳәеит Европарламент алахәыла Маркета Грегорева Евроеидгылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рстратегиа иазкны Европарламент аҿы имҩаҧгаз адебатқәа раан.
«Украинеи Қырҭтәылеи рҵакырадгьылтә акзаара еилагоуп, ацклаҧшратә технологиақәа цәгьашақә рхы ишадырхәо, Путин аоппозициаа аҿымҭра шрыдицало аабоит, аха, ҿаҳҭуам», — илҳәеит Маркета Грегорева.