Европарламент адепутат  Андриас Ласло Евроеидгылахь ааҧхьара ҟаиҵеит Қырҭтәыла аилаҩынтәра иаҟәыҵырц
 Европарламент адепутат  Андриас Ласло Евроеидгылахь ааҧхьара ҟаиҵеит Қырҭтәыла аилаҩынтәра иаҟәыҵырц

Европарламент адепутат  Андриас Ласло Евроеидгыла ахеилак иаланарҵәаз апост дахцәажәан, Евроеидгылахь ааҧхьара ҟаиҵеит Қырҭтәыла аилаҩынтәра иаҟәыҵырц.

Андриас Ласло  асоциалтә аҳаҿы ишиҩуа ала, апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ақырҭуа жәлар рыдгылара ду ала аиааира агеит, Евроеидгыла ақырҭуаа рыӡбара ҳаҭыр ақәнаҵароуп.

«Қырҭтәыла зхы иақәиҭу адемократиатә алхрақәа мҩаҧган.  Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ақырҭуа жәлар рыдгылара ду ала аиааира агеит, Евроеидгыла ақырҭуаа рыӡбара ҳаҭыр ақәҵаны, атәыла аиҳабыра рацажәара нанагӡароуп, уи аҩ-ганк – Европагьы Қырҭтәылагьы  хырҳагара рзаанагоит», — иҩит  Андриас Ласло.

Европарламент адепутат  Андриас Ласло  абҵара 14 рзы Қырҭтәыла иазкыз адебатқәа рҿы данықәгылоз, иҳәеит: «Қырҭтәыла зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа мҩаҧган, уаҟа иҟаз зегьы уи рдыруан».