Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну Оӡиси ақыҭа даҭааит
Визитла Қырҭтәыла иҟоу Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар Маикл О’Флаиерт ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну Оӡиси ақыҭа даҭааит.
Иара убас, Маикл О’Флаиерт, Ҵеровани иҟоу ахҵәацәа реиланхарҭа даҭааин, ахҵәацәа рҭагылазаашьа ибеит.
Европа Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар Маикл О’Флаиерт мшаҧы 14-16 рзы Қырҭтәыла авизит мҩаҧигоит. Иара Қырҭтәыла анапхгара ахаҭарнакцәа дырҧылоит.