Европа ахеилак авизадатә неиааира иҿыцу аҵасқәа шьақәнарӷәӷәеит
Европа ахеилак авизадатә неиааира иҿыцу аҵасқәа шьақәнарӷәӷәеит

Европа ахеилак авизадатә неиааира иҿыцу аҵасқәа шьақәнарӷәӷәеит. Урҭ рыла, Бриуссель намысдарала, мамзаргьы, Евроеидгыла аинтересқәа  ратәамбарала авизадатә режим ахархәара иаҳа еффективла ақәҿыҭра алшоит.

Аԥҟара ҿыцқәа рыла, авизада аныҟәарақәа раанкыларазы аҵаҵӷәы ҭбаахоит.

Аҵас ҿыцқәа рыла, ахҧатәи атәылақәа рвизатә политика Евроеидгыла авизатә политика иаҿагылозар, Евроеидгыла авизадатә редим аԥыхра алшоит. Иара убас атәыла аинвесторцәа атәылауаҩра ранашьара апрограмма амазар, Евроеидгыла авизадатә редим аԥыхра алшоит. Иара убас Евроеидгыла авизадатә редим аԥыхра алшоит атәылақәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа цәгьахар”, -иануп апрессрелиз аҿы.

Аԥҟара ҿыцқәа рыла, визада аныҟәара раԥхьаӡа акәны жәамз рҭыԥан 12 мзы иаанкылахоит. Уи аамҭа даҽа 24 мзы рыла иацҵазар алшоит.